Аминистрцәа реилазаара есышықәса ақәҵара аднакылоит амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыԥҟара алмыршаразы. Аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә усбарҭеи, Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилаки, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа аԥсаҵлақәа закәаншьаҭада рыԥҟара абжьааԥны иахьаԥшьыргало аҭыԥқәа ирхылаԥшлоит. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы иадҵоуп ԥхынҷкәынмза 1 инаркны 31 рзынӡа хымш рахь знык Аԥсныҟа иаарго аԥсаҵлақәеи амзаҵлақәеи рымҽхак азы адыррақәа АҩАР ахь инарышьҭларц. Араионқәа рнапхгарақәеи Аҟәа ахадареи ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа азгәаҭаразы иԥсабаратәым аԥсаҵлақәа рхы иадырхәаларц абжьгара ҟаҵоуп. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахылаԥшҩы еиҳабы Ҭенгиз Џьергьениа еиҭеиҳәеит апарк иахьаҵанакуа иаԥҵоу аԥҟарақәеи урҭ рықәныҟәара шымҩаԥысуеи ртәы.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.