Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳаб ҿыц Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу ҳџьынџьуаа рделегациа арҭ амшқәа рзы рҭоурыхтә ԥсадгьыл, рабдуцәа рџьынџь иаҭааны иҟоуп. Дара рыдыркылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, убасгьы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Мшыннырцә иҟоу ҳашьцәа уажәтәи раара зыдҳәалоу, иарбан зҵаарақәоу излацәажәаз, ргәы иҵхо, ԥхьаҟа аус зыдулатәны ирбои? Абарҭқәа ирылацәажәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳабы Иауз Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.