Аԥсуа театр ахьӡала 2026-2027- тәи аҵарашықәс азы Москва иреиӷьӡоу атеатртә институт аҭаларазы 12 ҩык абитуриентцәа нашьҭхоит. Уи азы Аԥсни Урыстәылеи акультура аминистррақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Азыӡырыҩрақәа раԥхьатәи ахәҭа хыркәшоуп, шаҟаҩы алԥшааз, уажәы иарбан аамҭоу иазырбоу агәыԥ аидкыларазы, насгьы ихадарои абитуриентцәа ралԥшаараҟны, еиҭалҳәеит Аԥсуа театр аиҳабы Хьыбла Мықәԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.