Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭа инхо Ельвира Камкьиа Амиран арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп" дасасын. Лара еиҭалҳәеит лымш шымҩасуа, жәашықәса ақыҭанхамҩа аусқәа дшырҿу, ауҭраҭых ааӡарҭаҟны иаадрыхуа ахкқәа, уадаҩрақәас иҟоу рнаплакы аҿы, иахьа анхаҩы ихы шныҟәиго рқыҭаҿы,ибзазашьоу атәы.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.