Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: аспектакльқәа, ацәыргақәҵақәа, аныҟәара-медиациа

Аԥсны акультуратә афиша ԥхынҷкәын 8 инаркны 14 рҟынӡа. Шәаԥхьа, шкультуратә ԥсшьара еиҿышәкаа.
Sputnik
Sputnik

Аԥсуа драматә театр

Ԥхынҷкәын 10 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аџьаз аҟны аҭыԥҳацәа рымацара".
Ԥхынҷкәын 11 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Мирандолина".
Ԥхынҷкәын 12 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Атәымуаҩ дызлоу аҭаацәаратә портреҭ".

Аԥсуа ҿар ртеатр

Ԥхынҷкәын 8-9 асааҭ 19:00 рзы – "Қьелешьбеи".

РУСДРАМ

Ԥхынҷкәын 8 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь".
Ԥхынҷкәын 9 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аҷныш".
Ԥхынҷкәын 10 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ацынҵәарах".
Ԥхынҷкәын 11 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Оскар".

Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа

Ԥхынҷкәын 8 асааҭ 10:00 рзы – "Агалереиа аиҭаҿиара" – 2024 шықәсазы абылра иацәынхаз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵа "МОСКВА-АҞӘА. Азеиԥш шәышықәса аҟазара" ԥхынҷкәын анҵәамҭанӡа.

SKLAD

Ԥхынҷкәын 10 асааҭ 18:00 рзы – "Аӡиас, амҩа, ахыбра, ақалақь" – Лилит Матевосиан ллабораториа "Зегь анысхашҭлак, исгәаласыршәо салагоит" алахәылацәа иаԥырҵаз агәыԥтә цәыргақәҵа.
Ԥхынҷкәын 13 асааҭ 13:00 рзы – аныҟәара-медиациа "Аминистрцәа Рхеилак агәалашәарақәа" ацәыргақәҵа "Аӡиас, амҩа, ахыбра, ақалақь" аҳәаақәа ирҭагӡаны.