Ҟарачы-Черқьессиа имҩаԥысуаз арккаратә проект "Адырра. Аԥхьахә" арегионалтә етап аҿы аиааира игеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Жәларбжьаратәи аидгыла "Алашареи" раппарат анапхгаҩы Абзагә Ҵәыџьба. Иара ипроект "Аетнокультуратә ҵарадырра: Урыстәыла аиԥшымраҿы атрадициақәа рыхьчара" аноминациа "Арҵаратә проект" аҿы иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡан. Ишԥаҟалеи Абзагә ари аицлабраҿы иалахәхара, ҳазҭагылоу аамҭазы амилаҭтә традициақәа реиқәырхараз, иарбан зхьаԥшрақәоу иҳаҩҳмыжьша, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.