Арадио

Иандекс. Аиҭагаҩ аԥсышәала ицәажәеит: аԥшьгаҩ иҿцәажәара

Sputnik
Зыхә ашьара уадаҩу ахҭыс — Иандекс. Аиҭагаҩ уажәшьҭарнахыс ԥсышәалеи абаза бызшәалеи ицәажәоит. Раԥхьаӡа акәны ҳбызшәақәа Урыстәыла иреиҳаӡоу аиҭагаратә маҵзура иахәҭакхеит, адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ауаа рхы ирзархәо амаруга рнапаҿы ироуит. Асервис аҿы аԥсуа бызшәа ацәырҵра алыршахеит Иандекс астажировка иахысуаз Аекономиказы иреиҳау ашкол астудент Мирон Бараҭелиа иаԥшьгарала. Ари аидеиа аԥсҭазаара аларҵәара иацыз ауадаҩрақәеи ишалыршахази ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иара ихаҭа.
Шәазыӡырҩы аподкаст.