Арадио

Аԥсны ахаҭарнакцәа ашколтә библиотекақәа рфорум аҿы: алахәыла лыхҳәаа

Sputnik
Аԥснытәи аделегациа Москва ақалақь имҩаԥысуа ашколтә библиотекақәа Актәи Жәларбжьаратәи рфорум иалахуп. Зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә еиднакылеит Урыстәылеи уи анҭыҵи рҟынтәи зықьҩык инареиҳаны абиблиотека аусзуҩцәа рԥышәа аимдаразы. Ари аусмҩаԥгатә ахықәкы хада арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит афорум алахәыла, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат арҵаҩы-абиблиотекарь Медеиа Ҵәыџьба.
Шәазыӡырҩы аподкаст.