Арадио

Лаҭатәи ахьаа: Мзиа Кәыҵниа лгәалашәара

Sputnik
33 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14 1992 шықәса рзы Лаҭа ақыҭан икаҳаит Тҟәарчалынтә ахҵәацәа зманы иаауаз агуманитартә вертолиот. Аракета ҭырҟьан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар ирымпыҵакыз аҵакыраҟынтә.
Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи. Авертолиот иҭан Владимир Анцупови Аслан Занҭариеи назлаз жәаҩаҩык аибашьцәа – еицырдыруаз аԥсуа командирцәа, Аԥсны Афырхацәа.
Ҷлоу акультуратә хан аҿы еиҿкаау Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра амузеи аиҳабы Мзиа Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы уи амш лгәалалыршәоит.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.