Атехникатә шәҟәҭагалара абиуро аус шауц иаулоит азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" амч аиуаанӡа Жәлар реизара аӡбамҭа ҿыц аднакылеит. Ԥхынҷкәынмза 2024 шықәсазы Аԥсны ирыдыркылеит азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы", иара амч аиуит жьҭаарамза 1 инаркны, уи ашьҭахь ааигәа азакәан амч ԥхынгәымза 1 2027 шықәса аҟынӡа аанкыларазы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа. Иара убас Аԥсны ахада Иусбарҭа азакәан иалагалатәу аԥсахрақәа ҳәа иҟанаҵаз ажәалагалақәа рыдыркылеит.
Изамуи аус акадастр азы азакәан, изеиԥшрахои анаҩстәи ашьаҿақәа, арадио Sputnik аефир аҿы азиндырҩы Лаша Цаава азҵаарақәа рҭак ҟаиҵон.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.