Аҟәа имҩаԥган аџьармыкьа "Аԥҳәыс лнапала" захьӡу. Уи еиҿнакааит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Сынтәа аџьармыкьа иалахәын 69-ҩык аҳәса анапҟазацәа. Урҭ аахәаҩцәа ирыдыргалон аԥсаӡ азы ахәмаргақәа, ацәашьқәа, автортә ҩычагақәа, асахьақәа уҳәа. Астудиаҿы даҳҭан аусмҩаԥгатә алахәыла, анапҟаза Мадина Кациаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.