Арадио

"Аимҵакьачаразы" ачемпионат хыркәшоуп: аиааира згаз агәыԥ анапхгаҩы ицәажәара

Sputnik
Аԥсуа жәлар рмилаҭтә хәмарра "Аимҵакьачаразы" ачемпионат хыркәшоуп Афонаа адуцәа ркоманда "Аԥсар" аиааирала. Ақәыԥшцәа рыбжьара акәзар актәи аҭыԥ ргеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. Рышԥаҽазыҟарҵоз аицлабрақәа Афонаа ркоманда, иарбан гәалаҟароу ирнаҭаз ахраҿа хада агара, иақәгәыӷуазма аиааира, аԥсуа жәлар иртәу аспорт хкы аԥхьаҟа аҿиашьа шырбо, ишԥадԥхьалатәу уи изызҳауа абиԥара? Абарҭқәа дрылацәажәеит Афон ҿыц акоманда "Аԥсар" анапхгаҩы, азыҟҵаҩ Нарҭ Апба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.