Аҟәа 2026-тәи ашықәс ҿыц аԥылара аҽазыҟанаҵоит. Аԥсны аҳҭнықалақь амҩадуқәа арлашарбагақәа рыла иҩычоуп, аныҳәатә гәалаҟазаара урҭоит.
Адәқьанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, ақьафурҭақәеи рыԥшәмацәа рҽазыршәоит анашанатә ҭагылазаашьа аԥҵара. Ахыбрақәа адәахьтәи рҿаԥшылара уаахнахратә аԥсамахәқәеи, ахәмаргақәеи, еиуеиԥшым арҩычагақәеи рыла идырԥшӡеит. Ахыбрақәа рышә аԥхьеи рыҩнуҵҟеи аԥсаӡҵлақәа рхианы идыргылеит.
Атәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҿы идыргылеит, уи акәша-мыкәша аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵоуп. Шәҩыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи аамҭа ԥсыршьаган ирхыргарц, рфотосахьақәа ҭырхырц уахь инеиуеит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik еизнагеит Аҟәа ашықәсҿыцтәи агәалаҟара бзиа узҭо афотосахьақәа.