Аҳәынҭқарратә бызшәа аԥсшәа аиқәырхареи арҿиареи ҳмилаҭ азы ихадароу азҵаарақәа ираԥхьагылоуп. Уи атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахада ааигәа Жәлар реизара - Апарламент ахь иҟаиҵаз анашьҭымҭаҿы. Иаԥырхагои иахьа ҳбызшәа аҳәынҭқарраҿы иахьынӡахәҭоу ала ицәажәо ахархәаразы, ԥынгылақәас иҟоузеи, насгьы иахьатәи аамҭа иақәшәо арҵагашәҟәқәа рҭыжьразы иабанӡарныԥшуеи аҭаххара ҳашколқәа, иарбан усутәу ишьҭоу арҵара знапы алаку арҵаҩцәа, аҵарауаа рҿаԥхьа? Абарҭқәа ртәы дырзааҭгылеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьуӷьелиаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.