Арадио

РУСДРАМ азы изеиԥшраз иҳаҩсыз ашықәс, ахатәы еихьӡарақәа, агәҭакқәа: артист иҿцәажәара

Sputnik
РУСДРАМ актиор, арежиссиор, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс азы инапы злаку арҿиара аус аҟны иҟаз аихьӡарақәа ртәы, атеатр агастрольқәа шымҩаԥысыз, аколлектив иамаз ақәҿиарақәа, ақәыргыламҭақәа рхыԥхьаӡареи атеатр иаҭаауа ауааи ишрыцлаз, иҳәеит иҭаацәара ду аҿы ацәыӡ шроуз, артист ишизымариамыз уи анаҩс иаарласны асценахь ахынҳәра.
Џьамбул Жорданиа Sputnik азыӡырҩы иаҳасабалагьы еиҭеиҳәеит арадио аусура дшазҿлымҳау, аиҿцәажәарақәа ахшыҩзышьҭра зиҭало, аԥхьаҟа иҵегьы иалагалатәны иибо. Артист убасгьы иҳәеит иҿыцу ашықәс аҟынтәи дыззыԥшу, гәҭакқәас имоу.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.