Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа 2025-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо еиҭалҳәеит 112 адҵаалара шыҟаз ахәыҷы изин аилагара иадҳәалаз, 2024 шықәсазы акәзар, ус еиԥш ахҭысқәа 104 ыҟан. Ус еиԥш азҵаарақәа еиҳарак ицәырҵлоит ани аби анеилыҵуа, ахшара дахьынхо азы аҳәоуеиқәымшәара аныҟоу, ахәыҷы иныҟәгаразы аб аӡбарҭа иқәнаҵаз аԥара анимшәо, убасгьы аҵаразы азин иадҳәалоу ахҭысқәа раан, лҳәеит ахәыҷтәы аомбудсмен.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа анеилагоу ахҭысқәа иаҳа ишырацәоу, рофис ахь иҟоу адҵааларақәа раасҭа.
Мактина Џьынџьалԥҳа акультура - гәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгаҩы иаҳасабалагьы 2025 шықәсазы афонд иалнаршаз атәы дазааҭгылеит.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.