Арадио

Аԥсуаҭҵааратә институт азы иҳаҩсыз ашықәс зеиԥшраз, агәҭакқәа ртәы: аиҳабы ицәажәара

Sputnik
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа ирылдыршаз, излахәыз аконференциақәа, ишԥаҟоу аҭагылазаашьа аҵарауаа ҿарацәа рыла аинститут ахарҭәаара, уадаҩрақәас ирымоу, ҳазҭалаз ашықәс азы хыдҵақәас ишьҭырхуа, иззыԥшу, гәҭакқәас иҟоу дрылацәажәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
"Лассы аԥхьаҩцәа ирызнаҳгоит иахьа уажәраанӡа иҭымҵыц , ҩ-томкны иҟоу аорфографиатә жәар… Сынтәатәи ашықәс азы аԥхьаҩцәа, ажурналистцәа, аҵарауаа, ашкол аҿы аус зуа арҵаҩцәа, зегьы рзы даараӡа ҳамҭа бзианы иҟалоит ", - иҳәеит Ашәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.