Арадио

Ацәыргақәҵатә зал аиҭашьақәыргылара анаҩс аусуреи агәҭакқәеи: аиҳабы лцәажәара

Sputnik
Иҳаҩсыз ашықәс азы ҩаԥхьа ашәқәа аанартит 2024 шықәса ажьырныҳәамзазы амца иалаблыз асахьаҭыхыҩцәа рхыбра иаҵанакуаз Ацәыргақәҵатә зал хада. Абылра иалаӡит хәы змам аусумҭақәа. Иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамза 1 азы акультуратә хәшҭаара еиҭашьақәыргыланы аиҭаҿиара амҩа ианылеит. Иарбан цәыргақәҵақәоу ари аамҭазы еиҿкаааз, арҿиамҭа шьахәқәа рыла архиаразы иарбан усурақәоу имҩаԥгалатәу, аҽаԥсахыр алшома ацәыргақәҵақәа рформат, арадио Sputnik аефир аҿы арҭқәа дрылацәажәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.