Знапы ҟазоу ауаа рыбзоурала ҳакәшамыкәша аԥшӡара еизҳауеит, иаԥырҵуеит иблахкыгоу аусумҭақәа. Урҭ, хымԥада, ауаҩы изаԥырҵуеит агәалаҟазаара бзиа. Иаагозар, афымца лашара аныҟам аамҭазы, рхы иадырхәало ацәашьқәа, ҳаамҭазы зеиуа уҭаху ахкқәа уԥылоит. Ус еиԥш аусумҭақәа знапы иҵазго дреиуоуп Аила Кәыртоӷлы. Анаплыхқәа раԥҵара дшалагаз, ауаҩы игәы иақәшәо аҳамҭақәа рыҟаҵара лгәазырԥхаз, лусураҟны лхы иалырхәо амаҭәахәқәа ртәы еиҭалҳәеит аҟаза астудиаҟны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.