Аӡынтәи аԥсшьарақәа ныҳәахеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы. Хәымш рыҩныҵҟа ҳтәылаҿы афестиваль "Амандарин" мҩаԥысуан . Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәкәа. Иреиӷьу аԥсуа милаҭтә маҭәа аицлабра иаиааиз еилкаауп."Иреиӷьу аԥсуа ԥҳәыс маҭәазы" Сабрина Ԥкьынԥҳа аиааира лгеит. Иреиӷьу аԥсуа хаҵа имаҭәазы далкаахеит Кадыр Тәанба."Иреиӷьу аԥсуа маҭәа, ҳаамҭазтәи аинтерпретациа змоу" ҳәа ахьӡ аҟны х-костиумк алкаан — адизаинерцәа Ника Берзениаԥҳа, Сарида Ҵәыџьԥҳа, Салима Ҳашыгԥҳа, иара убас Ҳамида Цәеиԥҳа. Еиҳа инарҭбааны ари аицлабра амҩасшьеи иацыз ауадаҩрақәеи ртәы алахәылацәа ртәы еиҭарҳәеит уи алахәцәа Сабрина Ԥкьыни Салима Ҳашыги.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.