Аԥсны

Ажәытә ҵасқәа: Аԥсны Ажьырныҳәа азгәарҭуеит

Sputnik
Иахьа Аԥсны иазгәарҭеит ихадоу аныҳәақәа иреиуоу Ажьырныҳәа. Мгәыӡырхәатәи Жьиаа рҭаацәара, аԥсуа ҭаацәарақәа жәпакы реиԥш, шәышықәсала рхылҵшьҭра иаарго аҵасқәа ирықәныҟәоит.
Аныҳәа аиха аус адулареи ажьиреи ркульти, аԥсуа пантеон аҿы ижәытәӡоу анцәахәқәа иреиуоу Шьашәи ирыдҳәалоуп.
Иара ашықәс ҿыц алагамҭа иасимволуп, насгьы уи азгәаҭара амш машәырны иҟам — Иулиантәи амзарала ажьырныҳәа 1 ауп.
Ажьырныҳәа аҽны ацә, ма аџьма ршьуеит, иара убас аҭаацәа рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа. Ажьирахь инеиуеит амра анынҭашәалак, аҭаацәа иреиҳабу дныҳәаны ацәашьқәа аиркуеит. Аныҳәара хдыркәшон иаҵагылаз зегьы агәи-агәаҵәеи аҩи ргьама баны, нас иҭҟьоз абџьар ала ихысны аҩныҟа ихынҳәуит, ӷәырӷьарыла ирхыргоит.
1 / 11

Ажьырныҳәа 13-14 руха аԥсуа жәлар рзы акыр зҵазкуа аамҭоуп.

2 / 11

Ажьырныҳәа гәцаракрыла иазнеиуеит.

3 / 11

Аԥсуа жәлар ари аныҳәа азқьышықәсақәа иргәылган иааргоит.

4 / 11

Аҭаацәа зегьы шьыжьнаҵы Ажьырныҳәа аҽазыҟаҵара иалагоит.

5 / 11

Аҳәса аныҳәа иазку ачашәқәа рӡуеит.

6 / 11

Ахацәа ашьтәа иршьыз аҭыԥ ақәҵара рнапы иануп.

7 / 11

Агәи агәаҵәақәеи арасаҵәы иахарҵоит.

8 / 11

Амра анҭашәалак аныҳәарҭахь инеиуеит.

9 / 11

Аныҳәа аиха аус адулареи ажьиреи ркульти, аԥсуа пантеон аҿы ижәытәӡоу анцәахәқәа иреиуоу Шьашәи ирыдҳәалоуп.

10 / 11

Иара убас аныҳәараҿ ихадақәоу иреиуоуп ацәашьқәагьы.

11 / 11

Аԥсуаа аныҳәараҿы Анцәа иҳәоит Аԥсни ажәлари, рабшьҭрақәеи маншәалахарц азы.