Арадио

Анцәаицәырҵра аныҳәа аҵаки амаҵзура аҽалархәреи ртәы: ақьырсиан иашахаҵаҩ лгәаанагара

Sputnik
Аҽӡаахра мамзаргьы Анцәаицәырҵра аныҳәа аҵакы, ақьырсиан ныҳәарҭақәа рҟны имҩаԥырго амаҵзурақәа рыҽрылархәра заҭаху, аныҳәаԥхьыӡқәа рымч, иԥшьоу аӡы ахәарҭара, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ақьырсиан мзар аҿы иарбоу аныҳәақәа есышықәса зыҽрылазрхәуа, ақьырсиан иашахаҵаратә дин ныҟәызго Алиса Ҭраԥшьԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.