"Аԥсуаа ҳмаҷуп, ҳамч арбаӷьк аҵоукыр иагоит, аха ҳаламыс ҩышә камбашь-уӷә аурхаргьы иузырҵасуам, избан акәзар, ажәаԥҟаны ишыҟоу еиԥш, еиҳагьы иӷәӷәоуп аламыс".
Абас еиԥш аламыс иазышәаҳәоз ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба диижьҭеи иахьа иҵит 125 шықәса. Иарбан лагалоу аԥса литература иазынижьыз, иабанӡахысуеи ашколқәа рҿы иҩымҭақәа, насгьы ашәҟәыҩҩы ииубилеи шықәса шԥазгәарҭо, еиҭеиҳәеит Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Адгәыр Лашәриа.

Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.