Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргыларазы иадыркит ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа. Уажәазы еизгоу аекспонатқәа рыиагара хацыркуп анаҩс аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рахь аиасразы. Аҭоурых ду змоу амузеи еиднакылоит хәы змам аекспонатқәа, урҭ аамҭала иҵәаххоит Амилаҭҭә библиотекаҿы. Аха иҟоуп изықәныҟәатәу аԥҟарақәа, шықәсык иалагӡны урҭ ԥхасҭамхарц азы иҟаҵатәу, иазыхиоума ари зегьы амузеи аусзуҩцәа, насгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьынӡацало дара русура шеиҿкаахо еиҭалҳәеит Дырмит Гәлиа иҩны - амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаииаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.