Апроект "Ахәыҷра амҩақәҵаҩцәа" иалахәыз арҵаҩцәа русура хацыркуп. Апроект хацыркын иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы, иагьоунажьит аицлабратә алԥшаарақәа ирылахәыз 18-ҩык арҵаҩцәа. Урҭ аҵара иахысуан Аҵара аминистрреи Апедагогика аинститути рҿы, иара убас Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Артек" аҟны. Аҵараусхк аҿы ахәыҷқәа иарбан цхыраароу ирырҭар рылшо арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа, иарбан хырхарҭақәоу ахшыҩзышьҭра ззухо, дрылацәажәеит Аҟәатәи алицеи-интернат арҵаҩы- амҩақәҵаҩ, ахимиа амаҭәар рызҭо Гәында Гәымба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь