Арадио

Аԥсуа ҟазареи аҭҵаарадырреи реидҳәалара: Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа

Sputnik
Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа "Нарҭаа рыҩны" аартуп Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Ари аиԥш зеиԥшу раԥхьатәи тематикатә цәыргақәҵоуп. Ацәыргақәҵатә хыбра азалқәа цәажәоит аԥсуаа ржәытә епикатә ҳәамҭақәеи, рмифқәеи, ртрадициатә қьабзқәеи ирыдҳәалоу аусумҭақәа рыла. Асахьаҭыхҩы иҟазара, иҭыхымҭақәа рымҽхак, рыҵаулара далацәажәеит Нарҭдырра ацентр аусзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Саида Ҳаџьымба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.