Атәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Аԥыза-министр Владимир Делба иҳәеит Арепатриациа афонд инанагӡо арепатриантцәа рзы анхарҭа ҭыԥқәа рыргыларатә программеи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭеи" рылшарақәеи реидкылара шазгәарҭо. Иахьазы ишԥаҟоу Арепатриациа афонд абиуџьет, ҳџьынџьуаа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы сынтәа иарбан лшарақәоу иҟоу, ауада аиура зҭаху ҳәа ашәҟәы зыҽҭазгалахьоу рхыҧхьаӡара ахьынӡанаӡо, шықәсык иалагӡаны шаҟаҩы бжьаратәла анхарҭа роуеи, уи анаҩсгьы афонд ахшараиура апрограмма аусушьа зеиԥшроу, ашықәс аҩныҵҟа ашәарақәа ирынагӡашьоу, аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы азинтә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәлиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.