Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 40 ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа асааҭ 23:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 40 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 24 ҭадырхеит, Азовтәи амшын инахықәкны — 4.
Калугатәии Бриансктәии аобластқәа рҿы —акака.