Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аԥсыӡкра абзиабаҩцәа рзы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхуп. Уи алагалан аԥсыӡтоԥра аамҭазы абҵара 15 раахыс. Аԥсыӡкра аԥҟарақәа зеиԥшроу, иарбан еилагарақәоу иҟалало, ҳӡиасқәа ирҭоу аԥсыӡхкқәа, аԥсыӡкра ҳтәылаҿ иабанӡамоу азҿлымҳара, иара убасгьы ахылаԥшра, излеиԥшыми аҳәырԥсарақәа рҿи анҭыҵ аӡиасқәеи рҿы аԥсыӡкра? Абарҭқәа дрылацәажәеит Аԥсыӡкыҩцәа реилазаара алахәыла Ерасҭ Қәираиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.