Арадио

Тамшь амидиақәа рааӡарҭа иаусушьоу: аиҳабы иҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны азы ираԥхьатәиу амидиақәа рааӡарҭа Тамшь аус ауеижьҭеи сынтәа ахәбатәи шықәсоуп. Изеиԥшрои ари аферма алҵшәақәа, ирацәоума амшын аҿы амидиа, ишԥаадрыхуеи нас ишԥарҵәахуеи, иарбан аамҭоу ари акультура арҿиаразы иманшәалоу, насгьы иабанӡамоу аҭаххара, еиҭеиҳәеит аекоферма "Тамшь Бионт" аиҳабы Владимир Қәҭелиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.