Аԥсуа қыҭа аԥеиԥш еиҳа-еиҳа азҵаарақәа цәырнагоит. Адунеи аҟны атехнологиақәа рыҿиареи ақыҭанхамҩа ацифраркреи ҳзышьцылахьоу аԥсҭазаашьа рыԥсахуеит, аграртә усхк аҟны аусурҭа аркьаҿуеит, атәыла аекономикаҿы ақыҭа иааннакыло аҭыԥ ҿыцла ахәаԥшразы аҭахра цәырҵуеит. Иалшома иахьазы аԥсуа қыҭа атрадициақәаеи акультуратә хаҿреи мырӡкәа аиқәырхара? Абарҭи егьырҭ азҵааракәеи дырзааҭгылеит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.