Арадио

КВН аԥсуа команда аԥхьатәи ақәҿиарақәа: алахәцәа рцәажәара

Sputnik
КВН акоманда "Фантасмагорцы" афестиваль "КиВиН-2026" аҩбатәи атур аҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит.Абасала, дара Москвеи Подмосковиеи рлига хада "Лампа" иақәшәеит. Уажәы акоманда аҩныҟа ихынҳәит, Москва имҩаԥгахо ахәмаррақәа рҽырзыҟарҵоит.Изхысхьоу аицлабра ахәҭақәа алафҳәаҩцәа рзы изеиԥшраз, анаҩстәи аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, асцена ду аҟны ақәгылара иацу аемоциақәа ртәы еиҭарҳәеит КВН аԥсуа команда "Фантасмагорцы" алахәцәа Валери Берзениеи Мран Алҭеибеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.