Аԥсны

Кәарҷиа далацәажәеит аԥсуа қыҭақәа реиқәырхаразы ихадоу аусқәа ртәы

Sputnik
Ақыҭа аҿиара аиурц азы, ауааԥсыра рқыҭақәа нырмыжьроуп, убри аан ирзаԥҵатәуп ақыҭанхамҩа иазааигәоу анаплакқәа. Ақыҭаҿ аусурҭа ҭыԥқәа ҟалар, анхацәа ақалақь ахь аусура ицаӡом ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа. Шәахәаԥш инеиҵыху аиҿцәажәара.