Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аиустициа аминистрреи русутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит. Уаҟа ирылацәажәан ҭоурыхла аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргылара азҵаара. Мчыла зыԥсадгьыл иаҟәыгаз ҳџьнџьуаа ҭоурыхла раԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргылара аус абанӡарманшәало, иҟоума ԥынгылақәак, азинтә шьаҭа аганахьала ирҽеитәу зҵаарақәак. Ашықәс иалагӡаны шаҟаҩы бжьаратәла аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргылара рылшо, уи азы иарбан қьаадқәоу еиқәдыршәаша еилаҳкаарц ҳаҽимаадоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.