Аԥснытәи адизаинерцәа Салима Ҳашыгԥҳаи Сарида Ҵәыџьԥҳаи рколлекциа "APSSA" аҟынтәи быжь-усумҭак ӡырыргеит ГУМ имҩаԥысуа I Атомтә амода амчыбжь аҿы. Русумҭақәа — аԥсуа культуратә код ҳаамҭазтәи амаҭәала аарԥшра аҽазышәароуп. Адизаинерцәа Аԥсны акультуреи, атрадициақәеи, аԥсабареи роуп агәазыҳәара рызҭаз. Уаанӡа дара аԥсуа милаҭтә маҭәазы аицлабра "Иреиӷьу аԥсуа маҭәа ҳаамҭазтәи аинтерпретациа" аноминациаҿы аԥхьахә ҭыԥ иаԥсахеит, уи мҩаԥган афестиваль "Амандарин" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ари аусмҩаԥгатә ирзаанартыз анаҩстәи алшарақәеи, аколлекциа ҿыц аира шыҟалази, ахҭыс иашьҭанеиуа ахҭысқәеи ртәы еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Салима Ҳашыг.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.