Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа аиӷьтәра иазкны аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, академикцәа злахәу аизара ду амҩаԥгара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи ауаажәларратә усзуҩ, Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, апоет, академик Владимир Занҭариеи. Аиԥылараҿы иззааҭгылаз, излацәажәоз иаҳа инарҭбааны еиҭеиҳәеит Владимир Занҭариа.
Шәазыӡырҩы аудио.