Арадио

Аурыс арккаратә проект Аԥсны аусушьа: алахәыла лыҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны ихыркәшахеит Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" актәи арккаратә усмҩаԥгатә. Ари апроект аҵарадырра аизырҳареи уи иацу алшарақәеи раартраҿы абаҩхатәра злоу аҟазацәа еиуеиԥшым атемақәа рыла алекциақәа мҩаԥыргоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақьқәа Аҟәеи нас Гали рҟынтәи ҩышәҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа ирзымҩаԥган аурокқәа еиуеиԥшым атемақәа рыла. Ари арккаратә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны аицлабра «Адырра.Алектор» алекциа мҩаԥызгаз дыруаӡәкуп ажурналист Анна Гәниаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.