Аԥсны азы иҿыцу ахырхарҭа — арт-дилерра, абраҟоуп иахьыуԥыло асахьаҭыхыҩцәа, аколлекционерцәа, аџьармыкьа. Ара иӡырыргоит ахьӡқәа, иқәдыргылоит аҟазара ахәԥса, ирҭиуеит аҟазара алҵшәа. Аха уи ума ахықәкы хада? Иҟоума ҳтәылаҿы ари ахырхарҭала уажәаԥхьа ицәыргамыз аԥышәа, арт-дилера Аԥсны ҟазшьас иаанахәар алшо арбану? Арадио Sputnik аефир аҿы ҳалацәажәоит арт-дилера иахьа аус шауа, ари азанааҭ шьаҭас иамоу апринципқәа, насгьы арт-дилер акультуратә процесс аҿы инаигӡо ароль. Ҳаиҿцәажәара далахуп арт-дилер Шьарида Ҭыжәба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.