Зықәра намӡац аԥҳәызба лымҵарсра инамаданы аусҭҵаара хацдыркит мышқәак раԥхьа Аҟәатәи апрокуратураҟны. 40 шықәса зхыҵуа ахаҵа 14 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба амашьына дҭартәаны иҩныҟа дигеит, иҭынхацәа ирылеиҳәеит ԥҳәыс дшигаз атәы. Ари ахҭыс ацәажәарақәеи агәынамӡарақәеи цәырнагеит ауаажәлар рҟны. Убри аан иҟалеит агәаанагарақәа реиԥшымзаарагьы, ажәытә - аҿатә реиҿырԥшра. Иҳамоума ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа рҟны ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа? Аҵарауаа ҳрыдҵаалоит ари азҵаара аҭак аилкааразы. Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырразы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡбеи Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусузуҩ еиҳабы Елисо Сангәлиаԥҳаи атема иазааҭгылеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.