Арадио

Аколлеџьқәа раушьҭымҭацәа Урыстәыла рҵара ацҵаразы алшара: аминистрра азгәаҭақәа

Sputnik
Аԥсни Урыстәылеи рнапхгара ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәаны ареспублика аколлеџьқәа роушьҭымҭацәа быжьҩык агастрономиа аусхк аҟны аҵаразы иалхын. Аспециалистцәа ҿарацәа ари ахырхарҭала разыҟаҵара атуризми агастрономиеи русхк арӷәӷәареи, атәыла аекономика акадртә лшарақәа реизырҳареи иахьынӡаныԥшуа, насгьы Аҵара аминистрра ас еиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рырӷәӷәара хадоуп ҳәа изаԥхьаӡо дазааҭгылеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәлар рымдараразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.