Шәқәырча азааигәара ирыԥшааит ихәыз ауарба ҵыхәаш. Аԥсаатә аӡәы деихсит, арӷьа мҵәыжәҩа аҵаҟа абҩа ԥҵәан. Ахәра амжьыжькра иалагахьан аҟынтә амҵәыжәҩа хырҵәеит. Уажәы аветеринартә ҳақьымцәа зымчқәа цаз аԥсаатә аԥсы аиқәырхара рҽазыршәоит. Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа амдырра акәу изыхҟьо ма хықәкылатәи агәҭакы акәу? Насгьы иахьынӡахадоу Ашәҟәы ҟаԥшь иану аԥсаатәқәеи аԥстәқәеи рдырра рыламкьысра далацәажәеит Аԥсны аекологиа аинститут аиҳабы, аҵарауаҩ Роман Дбар.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь