Иҳаҩсыз ашықәс аӡын аамҭа ҳанааҭагыла инаркны иахьа уажәраанӡагьы иаҳнымԥшыц сааҭла афымцаарцәара. Ари аус аҿы иабанӡацхыраагӡо афымцаԥхьаӡага маругақәа рықәыргылара аус ахьымҩаԥысуа, иахьазы иабанӡақәыргыло, аиҷаҳаразы аҭагылазаашьа еиӷьнатәыма, ашықәс аҩнуҵҟа иарбан планқәоу иҟоу аԥхьаӡагақәа араионқәа рыҟны еиҳаны рықәыргыларазы, насгьы ишԥамҩаԥысуеи аԥара аизгара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система Аусбарҭа аиҳабы Даур Ԥиԥиа.
Шәазыӡырҩы аудио.