Аҟәа ари ашықәс аҩныҵҟа иарбан ҽыԥсахрақәоу иазыԥшу: амҩақәа, ахыбрақәа, ариаҵәара, ауааԥсыра рыԥсшьара аамҭа ахьырхыргаша аԥшаҳәа, апаркқәа уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рырҽеиразы, иааизакны аинфраструктура аиӷьтәразы иарбан усурақәоу нап зырку, хара имгакәан излагараны иҟоу, аԥхын аамҭа ааиаанӡа зынагӡара азгәаҭоу, ашықәс аҩнуҵҟа ирзықәыргылоу ахыдҵақәа абанӡарацәоу, абарҭи егьырҭи азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҿы рҭак ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.