Арадио

Таиф Аџьба ипремиа ранаршьеит хҩык: акомиссиа ахантәаҩы ицәажәара

Sputnik
Аԥсны акультура аминистрра имҩаԥнаго Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ԥхьахә аиуразы аицлабра хыркәшоуп. Акомиссиа аӡбамҭала еилкаахеит апремиа алауреатцәа хҩык. Иарбан ҷыдарақәоу ахшыҩзышьҭра зырҭо аҩымҭақәа реилыргараҿы аӡбаҩцәа, апремиа аԥҵоижьҭеи иарбан жанрқәоу еиҳарак аԥыжәара зго еиҭеиҳәеит Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ԥхьахәы аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Арда Ашәба.
Шәазыӡырҩы аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Таиф Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи аҿари ирызку алитература аԥхьахә ранаршьеит — Анзор Мықәба — "Жьабаӷь фырхаҵа", Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа — "Аҳамҭа", Гәында Сақаниаԥҳа — "Ашәҭқәа рашәа".Аицлабра иалахәын апоезиа, апроза, адрама ржанрқәа рыла 2022-2024 шықәсқәа рзы икьыԥхьыз асахьаркыратә рҿиамҭақәа.