Арадио

Атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу: адепутат ихҳәаа

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥсуа телехәаԥшраҟны инарҭбааз иҿцәажәараҿы дыззааҭгылаз азҵаарақәа ируакын атәыла асоциалтә, аекономикатә ҭагылазаашьа, аҩнуҵҟатәи адәахьтәи аполитика, Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, атәылауаҩшәҟәқәа риура уҳәа. Аԥсны ахада иҭаз азҵаарақәеи иҟаиҵаз аҭакқәеи, иабанӡаартыз ицәажәара, насгьы ишьҭыхыз азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы иарбан усурақәоу инагӡатәны ҳҿаԥхьа ишьҭоу? Абарҭқәа рзы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шьергьелиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.