Иҳаҩсыз ашықәс ахыркәшамҭаз Аԥсны иааны иҟан Урыстәыла Агрохиммаҵзура аспециалистцәа, игәарҭон Урыстәылатәи акандитертә фабрикақәа рзы ҳтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы араса абаҳчақәа реиҿкааразы адгьылқәа ирҭагылазаашьоу. Араса ирацәаны аарыхразы ҳадгьылқәа рылшарақәа зеиԥшроу, Урыстәыла аџьармыкьа иазхаша аалыҵ аарыхразы иарбан инвестициақәоу, лшарақәоу иаҭаху, иарбан шәарҭарақәоу иҟоу абаҳча ишақәнагоу аиҿкааразы? Анаплакҩы, араса аарыхҩы Абесалом Кәарҷиа азҵаара далацәажәеит.
Шәазыӡырҩы аудиофаил хыхь.