Апоет, ашәҟәыҩҩы, алитературатә-сахьаркыратә журнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит жәабран 18 рзы. Арҿиаҩы Асовет Еидгылеи, Аԥсни, Урыстәылеи Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дралахәын, алитературазы Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи Т. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы аҳәынҭқарратә премиеи дрлауреатын. Иҭижьхьан ажәеинраалақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи еидызкыло иакымкәан ашәҟәқәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы имҩаԥигон авторс дызмаз алитературатә дырраҭарақәа Аԥсуа телехәаԥшреи Аԥсуа радиои рҿы. Анатоли Лагәлаа иааиԥмырҟьаӡакәа аматериалқәа икьыԥхьуан Sputnik Аԥсны аҟны. Аԥсуа литератураҿы, акультураҟны илагала, иуаҩышьа, ирҿиаратә ԥсҭазаара зеиԥшраз далацәажәеит апоетесса Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.