Аԥсны ахада Бадра Гәынба ҳколлегацәа ирииҭаз аинтервиу амҽхак ҭбаан. Ашықәс алҵшәақәа, аенергетика аҭагылазаашьа, аԥсуа қыҭа, арепатриациа. Аҵыхәтәантәи атема акәзар, раԥхьаӡа акәны аконтекст ҿыц ҳбоит иара алацәажәараҟны — уажәаԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь игьежьуаз ҳџьынџьуаа рынхареи рынҵыреи реиҿкаара аус азнеишьа шырбози, иахьа Бадра Гәынба дызлацәажәои ирымоуп аиԥшымзаара, аха изеиԥшрахоишь алҵшәа, абри атәы ҳалацәажәоит арадио Sputnik астудиаҿы. Асас- АП алахәыла, кыршықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь игьежьыз Низам Ҳапат.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.