Мшаԥымзазы Аԥсны имҩаԥгахоит аԥсуа ҩқәа ирызку ахԥатәи амилаҭтә еицлабра "Акаҷыҷ". Уи аԥшьган 2022 шықәсазы азаудақәа "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" насгьы "Шато-Аԥсны" раԥшьгарала, дара аицлабра иалахәӡам. Уи ашҟа азыҳәақәа рыдкылара хыркәшахоит жәабран 20 рзы. Иарбан лшарақәоу иаԥнаҵо аицлабра "Акаҷыҷ" аҩыҟаҵаҩцәа, аӡахәаарыхыҩцәа рзы. Ишԥазнеиуеи аҩыҟаҵаратә культура знапы алаку ари аусхк? Игәаанагара еилаҳкааит аҩыҟаҵаҩ Адамыр Ахба.
Шәазыӡырҩы аудиофаил хыхь.