"Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи" ҳәа хьӡыс измаз астол гьежь мҩаԥист Аҟәа. Ари аиԥылара иалахәыз — адемографиеи, агәабзиарахьчареи, арепатриациеи рхырхарҭаҟны ихымԥадоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иарбан мҩақәоу иазыԥшаатәу ҳауаажәларра рыҿиара аизҳара ацхрааразы, уааԥсырала ҳхыԥхьаӡара аизырҳаразы, урҭ зегь еидызкыло асоциалтә проблемақәа зларҽеитәу амеханизмқәа арбанқәоу, насгьы ирынагӡашьахарызеи, абри атәы ҳалацәажәоит арадио Sputnik аефир аҿы. Асас - Ауаажәларратә палата алахәыла Ҳакан Кочу.
Шәазаӡырҩы аудио.